Саб иашҭа ду ара амҵаҿы

Саб иашҭа ду ара амҵаҿы,

Сыҵатәоуп сара.

Аҧша хьшәашәа ашәшьыраҿы,

Иасуан ихааӡа.


Ауапа икаршәыз сықутәаны

Саҧхьон ашәҟуы...

Адгьыл ҧшӡа аҽеиҭакны

Аинылара иаҿуп...

__________________________1924